Аԥсны

Жәлар Реизара иаднакылеит Аԥсни Урыстәылеи аӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа рызхаҵаразы аиқәшаҳаҭра

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Апарламент адепутатцәа аратификациа азыруит аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭатәии арбитражтәии ӡбарақәа наҟ-ааҟ разхаҵареи рынагӡареи рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра актәии аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарақәа рыла.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит анаплакытәии ма даҽа аекономикатә усураки рымҩаԥгараан ицәырҵуа аимакқәа рганахьала амчра зауа аӡбарақәа наҟ-ааҟ рынагӡара. Анагӡара иаҵанакуеит иара убасгьы аҭынчымҩатә еиқәшаҳаҭрақәа ишьақәдырӷәӷәаз аӡбарҭатәии арбитражтәии ӡбарақәагьы.
Адокумент аҩбатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны азыҳәа ҟазҵо атәыла апроцессуалтә закәанԥҵара инақәыршәаны аӡбарҭатәии арбитражтәии усбарҭақәа рахь дыдҵаалар ҟалоит. Уи иашьҭанеиуа ахәҭаҷ аҿы иарбоуп азыҳәа ахәаԥшра аҳәаақәа ирҭагӡаны азыҳәа ззынарышьҭуа аган аӡбарақәа рдыррақәа еиҭарыхәаԥшуам ҳәа.
2023 шықәса хәажәкыра 15 рзы Урыстәыла Афедерациатә хеилак аиқәшаҳаҭра аратификациа иахнажьит, хымш рышьҭахь аиқәшаҳаҭра инапы аҵеиҩит Урыстәыла ахада Владимир Путин.