Аԥсны

2020 шықәса раахыс Аԥсны хәнызқь инареиҳаны амцакрақәа ҟалахьеит

2020 шықәса раахыс Аԥсны хәнызқь инареиҳаны амцакрақәа ҟалахьеит. Аиқәырхаратә усбарҭа ахада азинхьчаҩцәа ркоординациатә еилацәажәара далахәын, хәышықәса рыҩнуҵҟа аусбарҭа аусура далацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. 2020 шықәса раахыс Аԥсны 5076 мцакра ҟалахьеит ҳәа иҳәеит АҶА ахада Лев Кәыҵниа азинхьчаҩцәа ркоординациатә еилацәажәараҟны.
Иҭахеит 27-ҩык.
Аминистр иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ахәышықәса аԥсабаратә рыцҳарақәа акыр рымҽхак шыҭбааз, аминистрра акадртә лшарақәа иахьынӡалшоз ишадрԥхьалоз.
Иара иажәақәа рыла абри аамҭаз аиқәырхаҩцәа ирылшеит:
630-нтә аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхразы инеит;
760-нтә ааха зауз амедицинатә цхыраара рыҭареи аҭыԥ аҟынтәи рықәгареи азы инеит;
704-нтә амҩатә машәырқәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхразы инеит;
725-нтә иԥжәар ҳәа ашәарҭара зҵаз амаҭәарқәа ԥшааны еиҵырхит.
Аԥсны
2024 шықәсазы АҶА аусура иазкны