АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраз аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҿкааразы ақәҵара аднакылеит.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы еиҿкаахоит АШәМ, АҲЕ, АҩАР, АҶА, аветеренартә, акарантинтә, асанитар-епидемиологиатә маҵзурақәа русура.
Ақәҵара ахылаԥшра анапы иануп аенергетикеи атранспорти рминистрра.