Аԥсны

Аԥсны аиҳабыра ацитрусқәа раахәаразы ахәқәа шьақәдыргылеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Аԥсны аиҳабыра ацитрусқәа раахәаразы ахәқәа шьақәдыргылеит.
Кьылак ашәыр азы иреиҵаӡоу ахәԥса абасеиԥш ишьақәыргылоуп:
амандаринеи апельсини — 45 мааҭ.
алимон — 42 мааҭ.
истандартым ашәыр — 10 мааҭк.
Сынтәа иазыԥшуп 37 000 тонна рҟынӡа амандарина аҽаҩра ҳәа иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.