Аԥсны

Иԥсҭазаара далҵит аԥсуа литература аклассик Мушьни Лашәриа

Мушьни Лашәриа – Аԥсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡареи хыԥхьаӡара рацәала аҳамҭақәеи занашьоу.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит аԥсуа литература аклассик Мушьни Лашәриа.
Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 16 рзы 86 шықәса ихыҵит. Лашәриа иқәрахь дышнеихьазгьы, гәацԥыҳәарыла иусура иациҵон – амилаҭтә литература ҭиҵаауан, ажәеинраалақәа иҩуан, аԥсшәахь Аԥсалтыр аиҭага инапы алакын, Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша напхгара аиҭон.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазу Лашәриа иԥсра аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аинтеллигенциеи рзы мацара акәымкәа, ареспублика зегьы азы ицәыӡ дуууп ҳәа иԥхьаӡоит.
Мушьни Лашәриа ҳажәлар рзы, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан асуверенитет аиуразы иҟаиҵаз рацәоуп. Уи дҵарауаҩын, аха зегь раԥхьа дпоетын. Уи аԥсуа поезиа аҿиараҿы илагала дуӡӡоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Абҳазоу иажәақәа рыла, Мушьни Лашәриа иҩымҭақәа жәпакы аурысшәахь еиҭагоуп, алитература ахырхарҭаҿы зегь реиҳа зыҩаӡара ҳараку аҟазацәа урҭ ахә ҳаракны иршьоит. Ус анакәха, аԥсуа литературеи, аԥсуа бызшәеи, жәлар рдоуҳатә культуреи рыларҵәараҿы лҵшәа бзиала иҟаиҵаз аџьабаа бзанҵык иӡраны иҟам.
Мушьни Лашәриа – Аԥсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Антон Дельвиг ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәеи, СССР Ашәҟәыҩҩцәеи, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәеи реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы.
2010 ашықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев А.С. Пушкин имедал ианеишьеит "Евгений Онегина" аԥсшәахь еиҭагамҭазы.
Аԥсны
Жәлары зегьы бзиа еицырбо арҿиаҩы: Мушьни Лашәриа 86 шықәса ихыҵит