Аԥсны

Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы.
Еизаз рҿаԥхьа адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба иазгәеиҭеит, Аҟәа ахақәиҭтәра анаҩс атәыла зегьы аӷа иалцара Аԥсны аҭоурых ҿыц шаанартыз.
"Ҳтәыла азы аҭоурых ҿыц аатит – азхаҵареи аҿиареи амҩала. Сгәанала, ҳҭоурых аҿы акыр зҵазкуа арыцхәқәа есымша ҳаҭыр рықәҵатәуп, еснагь иаҳгәалаҳаршәалароуп аиааира аагара шаҟаҩ рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵоу. Аиҳабыра ҭыԥаҿ уаныҟоу, аибашьра алҵшәақәа азгәаҭаны аӡбарақәа рыдкылара еснагь иаҭахуп", - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Беслан Ешба иҳәеит, агәырӷьаратә мшы рыцеиҩыршаразы Аԥсныҟа ишааз Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
"Нижни Новгороди ҳареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ҳабжьоуижьҭеи 13 шықәса раҟара ҵуеит. Ҳара ҳаусеицура амҽхак азгәаҭаны аиашьаратә қалақьқәаны ҳҟалар шҳалшо азы аӡбара ҳадаҳкылеит, иахьа аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳиҩит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны
Аҟәеи Нижни Новгороди аишьцәа-қалақьқәа ракәхеит
Анаҩс, ажәа ирҭеит Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев. Уи иазгәеиҭеит, аиҩызара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ақалақьқәа рыбжьара иҟоу аиҩызара ишалҵшәоу.
"Ари ииашаҵәҟьаны аҭакԥхықәра дууп, избан акәзар 2025 шықәсазы еицаҳзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәеи апроектқәеи рацәаны ҳалацәажәеит, урҭ рынагӡаразы аџьабаа батәхоит. Аха Беслан Фиодор-иԥа игәыԥи сара сгәыԥи здыруеит, убри аҟнытә издыруеит уи шҳалшо", - ҳәа иҳәеит иара.
Шалабаев Аҟәа ауааԥсыра дрыдныҳәало агәабзиара, аҿиара, анасыԥ, аизҳазыӷьара рзеиӷьаишьеит.
Анаҩс, аҳҭнықалақь ахадара аусзуҩцәа шықәсырацәалеи ламысцқьалеи русуразы аҳаҭыртә шәҟәқәеи агәаларшәагатә Аԥсарқәеи ранашьан.
Аофициалтә хәҭа ашьҭахь аконцерттә программа хацыркхеит – асценахь ицәырҵит ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбльқәеи, авокалтә коллективқәа рхаҭарнакцәеи. Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Аҟәа ахадара акультура аҟәша.
1 / 7

Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы

2 / 7

Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы

3 / 7

Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы

4 / 7

Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы

5 / 7

Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы

6 / 7

Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы

7 / 7

Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы