Аԥсны

Аҟәеи Нижни Новгороди аишьцәа-қалақьқәа ракәхеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аҟәеи Нижни Новгороди аишьцәа-қалақьқәа ракәхеит.
Ашәҟәы рнапы аҵариҩит ақалақьқәа рхадацәа Беслан Ешбеи Иури Шалабаеви.
Аиашьараз аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит 2025 шықәсазы 60 инареиҳаны еицырзеиԥшу ауснагӡатәқәа.
Аганқәа рхыдҵақәа:
Аҟәеи Нижни Новгороди ашәҟәы иҭагалоу анхамҩатә субиектқәа рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылара иацхраалоит;
аҩ-қалақьк рекономикахь аинвистициақәа радԥхьалареи аинвистициатә проектқәа реицымҩаԥгареи иацхраалоит;
арҵаратә еиҿкаарақәа рыбжьара аинырра ашьақәыргылареи арҿиареи иацхраалоит;
акультура, аспорт, аҿартә политика уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа русхк аҟны реизыҟазаашьақәа рырҿиара иацхраалоит.