Аԥсны

Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи иаларгоз аҭаҭын ааныркылеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи иаларгоз аҭаҭын ааныркылеит.
Аԥснынтәи инеиуаз автобус маҷ аҟны аҵәахҭыԥ аҿы ирбеит 2420 ҭоԥ асигарет "APSNY Mentol" аԥснытәи акцизқәа рықәҵаны.
Амашьынеи асигарети рымхуп, аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Агәаҭара ашьҭахь иӡбахоит азинеилагаҩ ҭакԥхықәра ҳәа идырҵо.
2024 шықәса мшаԥы акы аахыс ЕАЕС аҳазалхратә ҳәаа закәаншьаҭада зыхәԥса 100 000 мааҭ иахысуа арыжәтәи аҭаҭыни раалыҵ аҳәаа иахызго иганахь ала ашьаус хацдыркуеит. Ахатәхархәараз ииагахар ҟалоит 200 сигарет, ма 50 сигара (сигарилл), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын.