Аԥсны

РУСДРАМ алахәхоит Иошкар-Ола имҩаԥгахо атеатралтә фестиваль

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. РУСДРАМ алахәхоит Иошкар-Ола имҩаԥгахо Урыстәылеи аҳәаанырцәтәылақәеи рҟынтәи аурыс театрқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль "Аиҩызара ацҳа".
Аспектакль "Софичка" афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны идырбахоит абҵара 24 рзы.
"Атеатр афестиваль ахь ааԥхьара аиуит Ареспублика Мари Ел анапхгара рҟынтәи, аҳәаанырцә иҟоу Урыстәылатәи атеатрқәа 2021 шықәсазы ари афестиваль қәҿиарала алахәылаҩ ҳәа иԥхьаӡаны", - ҳәа аанацҳауеит атеатр апресс-маҵзура.
Афестиваль "Аиҩызара ацҳа" — Урыстәыла ижәытәӡоу атеатртә фестивальқәа ируакуп. Иара хықәкыс иамоуп Урыстәыла, ИАР атәылақәа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны аурыс театртә коллективқәа рырҿиара.