Аԥсны

Амцакрақәа ҟалоит ҳәа ашәарҭара рылаҳәоуп Гал араион аҿы

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Амцакрақәа ҟалоит ҳәа ашәарҭара рылаҳәоуп Гал араион аҿы ҳәа аанацҳауеит "ГалМедиа".
Афасарақәа ахьырбылуаз иахҟьаны ихәыҵҟьаз амца аҽеиҵнахит аԥша ӷәӷәа амшала. Аҩнқәа рахь инеиуеит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп.
Зегь реиҳа амца дууп аҳабла Махәиџьра аҟны Гал аладахьы. Уажәы уа амцарцәара иаҿуп. Иара убас ақалақь агәаны Москватәи амҩеи Сахаров имҩеи рҿы абылрақәа ыҟоуп.
Амцарцәараҿы Гал Амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа иацхраауеит ИгрыГЕС амцарцәаратә гәыԥи Тҟәарчал амцарцәаратә гәыԥи, Очамчыратәи амцарцәаҩцәа амҩа иқәуп. Араион ахадареи АҶА анапхгареи ахацәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит адәахьы идәылҵны аҭагылазаашьа иахылаԥшларц, иаҭаххар, иаарласны амцарцәаҩцәа ирыцхраарц азы.