Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит Аиааира амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 31 шықәса ахыҵра азгәарҭоит цәыббра 30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭара иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Аҟәа.
Ахьӡ-Аԥша амемориал аҿаԥхьа Аидгылара амҩаду аҟны арратә парад мҩаԥысит.
Шьаҿеиқәшәала имҩасит Аҟәатәи агарнизони, Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзуреи, абыжьбатәи арратә базеи рыруаа, иааидкыланы 500-ҩык инареиҳаны.
Апарад напхгара азиуан атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, аусмҩаԥгатә идикылеит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Анаҩс, иалагеит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа". Аныҟәара иалахәын аибашьра аветеранцәа, Аԥсадгьыл ахақәиҭразы зхы ақәызҵаз аибашьцәа рҭынхацәа, аиҳабыратә классқәа рырҵаҩцәа, астудентцәа.
Иҭахаз рфотосахьақәа кны Ахақәиҭра ашҭа аҟынтәи Аидгылара амҩаду ала Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҟынӡа инеины Лакобеи, Леони, Гәлиеи рымҩақәа ирнысит.
Аԥсны
Владимир Путин Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит
Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Ахьӡ-Аԥша аҳәынҭқарратә музеии аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки.
Уи адагьы, аныҳәаз аҳҭнықалақь ахадара еиҿыркааит маланыҟәала амҩасра. Иара хацыркын Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аҟнытә.
Акциа алахәылацәа абираҟқәа кны аҳҭнықалақь амҩаду хадақәа ирнысит, анаҩс Алада Ешыра иҟоу Аԥсны актәи ахада Владислав Арӡынба имемориал иаҭааит.