Аԥсны

Аиааира амш иазкны аныҳәатә концерт мҩаԥысит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭфилармониаҿы

Sputnik
Аиааира амш иазкны аныҳәатә концерт мҩаԥысит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭфилармониаҿы.
Уи иаҭааит аибашьра аетеранцәа, ахатәгәаԥхаҩцәа, аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи.
Еизаз рҿаԥхьа Аԥсны ахада ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
"Иахьа иҳамоу Аиааира ҳажәлар ракзаара иалҵшәоуп. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа, аԥсуа ҭоурых ыҟанаҵы афырхаҵара иасимволны иаанхоит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалара аҟны.
Анаҩс, асценахь ицәырҵит арра-патриоттә шәақәа назыгӡаз ансамбль Нарҭаа, аԥсуа естрада еҵәақәа Лиудмила Гәымԥҳа, Анатоли Алҭеиба, Ильда Қәычбериаԥҳа уҳәа убас егьырҭгьы.
Иара убас, ахәаԥшцәа ргәалаҟазаара шьҭырхит Аԥсны Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбльи, Урыстәылантәи иааз ансамбль "Бабкины внуки", Аахыҵ Уаԥстәылатәи ансамбль "Симд".
Аконцерт еиҿнакааит Аԥсны акультура аминистрра.
Аԥсны
Владимир Путин Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит