АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит Гәдоуҭа.
Ақалақь агәҭа аибашьцәа ргәалашәара иазкны игылоу амемориал аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара мҩаԥган.
Уи рхы аладырхәит араион ахадара, Гәдоуҭеи аиашьара зыбжьоу Иарославльтәи араиони Иарославльтәи аобласти рделегациақәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәеи рҭаацәеи, аусбарҭақәа русзуҩцәа, ауаажәларра.