Аԥсны

Владимир Путин Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Владимир Путин Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, атәылақәа реизыҟазаашьақәа қәҿиарала ишыҿио аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи апринципқәа рыла.
"Урыстәыла аринахысгьы Аԥсны анапхгареи ауаажәлари аҳәынҭқарратә ҿиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рыӡбараҿы ацхыраара рынаҭалоит", — ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Путин Бжьаниа изеиӷьеишьеит агәабзиареи ақәҿиарақәеи, ареспублика атәылауаа — аҭынчреи аизҳазыӷьареи.