Аԥсны

Анаҟәаԥиатәи ашьха иаҿахаз урыстәылатәи атуристцәа еиқәдырхеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Анаҟәаԥиатәи ашьха иаҿахаз ҩыџьа урыстәылатәи атуристцәа еиқәдырхеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ахәылбаҽха, цәыббра 30 рзы.
АҶА апресс-маҵзура ишаанацҳауала аусбарҭахь адырра ҟаҵан цәыббра 30 асааҭ 19:40 рзы.
Атуристцәа Анаҟәаԥиаҟа ихаларц рҭахын Анхәа ақыҭа аганахь ала, аха абардра илахеит.
Аҭыԥ ахь инеиз ацхырааҩцәа атуристцәа абардра аҟнытә иҷыдоу ахархәагақәа рыла ашьхарахь ихаргалеит.