АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥсуа напҟазацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Тамшь ақыҭан апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Уаҟа ицәыргоуп аӡахҩцәа, ацәаҟаҵаҩцәа, амҿлых аус адызуло уҳәа 15-ҩык инареиҳаны анапҟазацәа русумҭақәа.
"Апатриоттә лагер аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭеи ҳареи ҳаицхырааны иҳаӡбеит амилаҭтә напҟазацәа рцәыргақәҵа аиҿкаара. Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәеи алагер иалахәу ҳхәыҷқәеи ҳкультура, ҳаԥсҭазаашьа иадҳәалоу ҳҵасқәа деилҳаркаарц", — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭспортеилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Османоӷлы.
Иара иажәақәа рыла, аилак акыр шықәса раахыс анапҟазацәа ҿарацәа рыпроектқәа адгылара рынаҭоит. 2023 ашықәсазы ԥшь-проектк нагӡан.
Аҟазацәа ҿарацәа рыцхыраара аҟәша аҿартә политика иахәҭакуп. Уи ахықәкы хадас иамоуп аҿар бзиа ирбо аусқәа рынагӡареи аԥара арҳареи рзы алшара рыҭара.