Аԥсны

Бжьаниа даҭааит алагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәеи" анапҟазацәа русумҭақәа рцәыргақәҵеи

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аслан Бжьаниа даҭааит апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны Тамшь ақыҭан иаатыз аԥсуа напҟазацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.
Атәыла ахада жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи, аекономика аҿиареи, аҿари аспорти ирыҭатәу ацхыраареи уҳәа ирҭоз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
Аҿар рпатриоттә лагерь "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" Тамшь ақыҭаҿы жьҭаарамза 2 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Алагерь иалахәуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи хатәгәаԥхарала еибашьуази рмоҭацәеи рхәыҷқәеи Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәеи.