Аԥсны

Гал араион аҿы амцакрақәа ахьыҟалаз аҭыԥқәа дырцәеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Гал араион аҿы амцакра дуқәа ахьцәырҵыз аҭыԥқәа дырцәахьеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа.

Иара иажәақәа рыла, араион амцарцәаҩцәеи ауааԥсыреи еицхырааны амцарцәара иаҿуп.
"Иахьа амцарцәараз инеит аҭыԥантәи ауааԥсырагьы. Џьара-џьара баҳала анышә ржуеит амцабз дырцәарц. Амцакрақәа еиҳа имаҷхеит. Сгәанала, мчеибыҭала амцарцәара ҳаиааиуеит. Иахьа ақәа аураны иҟоуп. Абылраҭыԥқәагьы рырцәаразы уи ҳацхраап ҳәа ҳгәыӷуеит", — иҳәеит Ԥлиа.
Араион ахада иазгәеиҭеит ацитрус шәырқәа рацәаны амца ишалаблыз, иара убасгьы абнацәаҳәақәа ҩба блит. Амца иахҟьаз аԥхасҭа ахәшьара арҭараны иҟоуп.