АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи аҩбатәи реицлабрахь арзаҳалқәа рыдкылара хыркәшоуп.
Аицлабра хадахьы инарышьҭуа алахәылацәа рыхьӡқәа рыларҳәоит жьҭаара 15 азы.
2025 шықәса ажьырныҳәа15-16 рзы имҩаԥысуа актәи атур ахь инаԥхьахоит 40-ҩык авокалистцәеи 20-ҩык аконцертмейистерцәеи.
Афинал ажьырныҳәа 21 азы иазгәаҭоуп.
Аицлабра аԥхьахәтә фонд 13,2 миллион мааҭ ыҟоуп. Иреиӷьқәоу алнакаауеит жәларбжьаратәи ажиури, урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии амузыкарҳәаҩцәа реилазаарала.