Аԥсны

Аитәылауаа ҿарацәа рзы амедиашкол аатит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аитәылауаа ҿарацәа рзы амедиашкол аатит Аҟәа.
Ауснагӡатә мҩаԥысуеит жьҭаара 2-3 рзы, Москва аҩны аҿы. Алахәылацәа рзы имҩаԥгахоит Урыстәыла ателехәаԥшреи PR-ажурналистикеи русхк аҟны аҟазауаа рҟынтәи аҟазаратә-классқәа.
Алекциақәа ирыԥхьоит ажурналистцәа Гузель Камаевеи Мариа Сафроновеи, иара убасгьы аԥсихолог, ақәгыларақәа ркурс автор, амҩаԥгаҩ Ирина Прокопева.
Апроект еиҿкаауп Москва аиҳабыреи, Москва ақалақь адәныҟаполитикатәии жәларбжьаратәи аимадарақәеи Рдепартамент, Москватәи аџьынџьуаа Рыҩны рыцхыраарала.