Аԥсны

Апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" ҽааны аԥхынраз амҩаԥгара азгәаҭоуп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" ҽааны аԥхынраз амҩаԥгара азгәаҭоуп.
Аинфоцентр аинтервиу аҭо Аҳәынҭспортеилакы ахада Тарашь Ҳагба иҳәеит апроект рхы шаладырхәыз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи хатәгәаԥхарала иеибашьуази рыхшареи рмоҭацәеи, иара убасгьы Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәа.
"Агәахәара ду ҳнаҭон ҳхәыҷқәа еибадырыртә, еинырыртә алшара ахьроуз, аспорттә еицлабрақәа ирылахәхартә, ҳтәыла аԥшӡарақәа рбартә алшара ахьыҟалаз" — ҳәа иҳәеит Ҳагба.
Апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" аус ауеит Тамшь, жьҭаара 2 рҟынӡа.
Аԥсны
Бжьаниа даҭааит алагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәеи" анапҟазацәа русумҭақәа рцәыргақәҵеи