Аԥсны

III Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera viva" мҩаԥгахоит Аԥсны

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. III Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera viva" мҩаԥгахоит Аԥсны жьҭаарамза 9-10 рзы.
Аԥсны Жәлар рартистка Нинель Бжьаниа Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, италиатәи амузыкатә рҿиамҭақәа рыла еиқәыршәоуп афестиваль сынтәатәи апрограмма.
Еицырдыруа амузыкатә рҿиамҭақәа нарыгӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла, иара убас Аԥсни, Урыстәылеи, Китаии роператә шәаҳәаҩцәа.
Афестиваль актәи аконцерт мҩаԥгахоит Аҟәатәи аҳәынҭфиалрмониаҿы, ахыркәшаратә — Пицундатәи аныхабаа аконцерттә зал аҟны.