Аԥсны

Курсктәи аобласт агуманитартә цхыраара аҭаразы аԥареизгара иацҵоуп Аԥсны

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Курсктәи аобласт ауааԥсыра агуманитартә цхыраара рыҭаразы Аԥсны еизгоуп 120 нызқь мааҭ. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы азинмч змоу, афонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Ҳара аинформациатә хархәагақәа рыла иаҳҳәеит ацхыраара шеизаҳго, иара убас иҳацхраар рылшоит ҳәа иаҳшьаз анаплакқәеи, аҵәахырҭақәеи, аиҿкаарақәеи рахь хаҭалатәи ашәҟәқәа ҳашьҭит", — лҳәеит лара.
Џьынџьалԥҳа илҳәеит ишрыдыркыло лассы ибжьымсуа афатә аалыҵқәа, ахатә гигиенатә хархәагақәа.
Ацхыраара аизгара иацырҵоит жьҭаара 7 рҟынӡа, иҟалоит аҿҳәара инахаргьы.
Ацхыраара аҟаҵашьақәа ртәы еилышәкаар шәылшоит ателеграм-канал @fondashana аҿы, мамзаргьы афонд аофициалтә саит.