Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ахәаша, жьҭаара 4 рзы

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ахәаша, жьҭаара 4 рзы ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Гәымсҭа ақыҭан аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны асааҭ 00:00 инаркны асааҭ 22:00 рҟынӡа аӡы аанкылахоит: Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Ешба, Ҭраԥшь рымҩадуқәа рҿы, авокзал, ВИЕМ-и, иахьрыҵанакуа, иара убас ашьхара иахьаԥнуи.
Аҳҭнықалақь агәҭаны аӡы амчхара лаҟәоит ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра"