Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ӷәӷәала иақәыӡбеит Израиль Дамаск иахьажәлаз

Израильтәи ар ржәылара иахҟьаны шьамтәылатәи аҳҭнықалақь Меззе аҳаблан хҩык ауаа ҭахеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ӷәӷәала иақәыӡбеит Израиль Дамаск иахьажәлаз. Абри азы аҳәамҭа кьыԥхьуп аусбарҭа аофициал Telegram-канал аҟны.
Жьҭаара 2 рзы ЦАХАЛ Меззе араион аҿы анхарҭатә хыбра иажәлеит. Ари ахыбраҿы, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭагьы налаҵаны, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рдипломатиатә миссиақәа ҩноуп. Хҩык аҭынч уааԥсыра ҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит.
Аусбарҭа иазгәанаҭоит, аграждантә инфраструктура ақәлара жәларбжьаратәи агуманитартә зин ала ишыҟамло. Убри аҟнытә иаарласны аҭагылазаашьа аанкылатәуп.
"Агәра ҳгоит, ари ахҭыс абзиарахь ишкылнамго, ишааигәанатәу Мрагылара Ааигәа аҟны амҽхак ду змоу адунеи аибашьрахь икылнагар шалшо", - ҳәа аҳәоит атекст аҟны.