Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инаԥшьба апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" алҵшәа хадазы

Sputnik
Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы Тамшь ақыҭан еиҿнааказ апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" хыркәшоуп. Алагер иалахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи хатәгәаԥхарала еибашьуази рхәыҷқәеи рмоҭацәеи, убасгьы Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәеи. Алагер шымҩаԥысыз, уи иацыз акәамаҵамарақәа, ахәыҷқәа ирзаԥҵаз апрограмма, дара рхы шаадырԥшыз абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҿари аспорти русқәа рзы Ахәынҭқарратә еилакы аиҿкааратә ҟәша аспециалист хада Алиса Инаԥшьба.
Алагер иалахәыз еиҳарак аҿар ракәын. Ари аԥышәаратә проектын. Уи ахҳәаа ҟаҵо Инаԥшьба илҳәеит, ргәы ишалоу ҳаешьаратә республикақәа рҟынтә ахәыҷқәа маҷны иахьааз, Адыгатәылантәи ҩыџьа шракәыз иҟаз.
"Дара хәыҷқәоуп ҳтәыла рыздырӡом, аха ҵасла ҳаизааигәоуп. Исгәаԥхаз хҭыск ыҟоуп: акомитет уахьыҩнало, аспортсменцәа рсахьақәа ахькыду, игылоуп аԥсуеи адыгеи бираҟқәа. Уи ахьырбаз иргәаԥхеит. Шәара ус ишәызгылоума ҳәа азҵаара анрысҭа, уажәазы ус иҟамзаргьы, ҳара ҳазҳар ус иҟалоит ҳәа сарҳәеит. Саргьы исгәаԥхеит", - лҳәеит Инаԥшьба.
Лара иазгәалҭеит, Нхыҵ-Кавказынтәи ахәыҷқәеи аԥсуааи еиҳа еиҭанаиааиуазар шахәҭоу. Ихәыҷнаҵы агәыбылра зыбжьалаз, иандухалак, еиҳагьы уи ӷәӷәахоит ҳәа азгәалҭеит лара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.