https://sputnik-abkhazia.info/20241003/azlatsazhasha-amoup-inashba-apatriott-lager-afyrkhatsa-rkhylshraa-alsha-khadazy---1052464078.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инаԥшьба апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" алҵшәа хадазы
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инаԥшьба апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" алҵшәа хадазы
Sputnik Аҧсны
Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы Тамшь ақыҭан еиҿнааказ апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" хыркәшоуп. Алагер иалахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә... 03.10.2024, Sputnik Аҧсны
2024-10-03T11:21+0300
2024-10-03T11:21+0300
2024-10-03T12:05+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/03/1052464305_0:0:1281:720_1920x0_80_0_0_ae0b8cad0c53b13b6636ad0ad15c02b4.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инаԥшьба апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" алҵшәа хада иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инаԥшьба апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" алҵшәа хада иазкны
Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы Тамшь ақыҭан еиҿнааказ апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" хыркәшоуп. Алагер иалахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи хатәгәаԥхарала еибашьуази рхәыҷқәеи рмоҭацәеи, убасгьы Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәеи. Алагер шымҩаԥысыз, уи иацыз акәамаҵамарақәа, ахәыҷқәа ирзаԥҵаз апрограмма, дара рхы шаадырԥшыз абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҿари аспорти русқәа рзы Ахәынҭқарратә еилакы аиҿкааратә ҟәша аспециалист хада Алиса Инаԥшьба.Алагер иалахәыз еиҳарак аҿар ракәын. Ари аԥышәаратә проектын. Уи ахҳәаа ҟаҵо Инаԥшьба илҳәеит, ргәы ишалоу ҳаешьаратә республикақәа рҟынтә ахәыҷқәа маҷны иахьааз, Адыгатәылантәи ҩыџьа шракәыз иҟаз."Дара хәыҷқәоуп ҳтәыла рыздырӡом, аха ҵасла ҳаизааигәоуп. Исгәаԥхаз хҭыск ыҟоуп: акомитет уахьыҩнало, аспортсменцәа рсахьақәа ахькыду, игылоуп аԥсуеи адыгеи бираҟқәа. Уи ахьырбаз иргәаԥхеит. Шәара ус ишәызгылоума ҳәа азҵаара анрысҭа, уажәазы ус иҟамзаргьы, ҳара ҳазҳар ус иҟалоит ҳәа сарҳәеит. Саргьы исгәаԥхеит", - лҳәеит Инаԥшьба.Лара иазгәалҭеит, Нхыҵ-Кавказынтәи ахәыҷқәеи аԥсуааи еиҳа еиҭанаиааиуазар шахәҭоу. Ихәыҷнаҵы агәыбылра зыбжьалаз, иандухалак, еиҳагьы уи ӷәӷәахоит ҳәа азгәалҭеит лара.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/03/1052464305_142:0:1102:720_1920x0_80_0_0_3a9342f9830d53c6739112e5c4b4e8be.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы Тамшь ақыҭан еиҿнааказ апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" хыркәшоуп. Алагер иалахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи хатәгәаԥхарала еибашьуази рхәыҷқәеи рмоҭацәеи, убасгьы Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәеи. Алагер шымҩаԥысыз, уи иацыз акәамаҵамарақәа, ахәыҷқәа ирзаԥҵаз апрограмма, дара рхы шаадырԥшыз абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҿари аспорти русқәа рзы Ахәынҭқарратә еилакы аиҿкааратә ҟәша аспециалист хада Алиса Инаԥшьба.
Алагер иалахәыз еиҳарак аҿар ракәын. Ари аԥышәаратә проектын. Уи ахҳәаа ҟаҵо Инаԥшьба илҳәеит, ргәы ишалоу ҳаешьаратә республикақәа рҟынтә ахәыҷқәа маҷны иахьааз, Адыгатәылантәи ҩыџьа шракәыз иҟаз.
"Дара хәыҷқәоуп ҳтәыла рыздырӡом, аха ҵасла ҳаизааигәоуп. Исгәаԥхаз хҭыск ыҟоуп: акомитет уахьыҩнало, аспортсменцәа рсахьақәа ахькыду, игылоуп аԥсуеи адыгеи бираҟқәа. Уи ахьырбаз иргәаԥхеит. Шәара ус ишәызгылоума ҳәа азҵаара анрысҭа, уажәазы ус иҟамзаргьы, ҳара ҳазҳар ус иҟалоит ҳәа сарҳәеит. Саргьы исгәаԥхеит", - лҳәеит Инаԥшьба.
Лара иазгәалҭеит, Нхыҵ-Кавказынтәи ахәыҷқәеи аԥсуааи еиҳа еиҭанаиааиуазар шахәҭоу. Ихәыҷнаҵы агәыбылра зыбжьалаз, иандухалак, еиҳагьы уи ӷәӷәахоит ҳәа азгәалҭеит лара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.