Аԥсны

Ихыркәшахеит аитәылауаа ҿарацәа рзы амедиашкол аусура

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аитәылауаа ҿарацәа рзы амедиашкола аусура хнаркәшеит Аҟәа.
Аҟазаратә-классқәа рхы аладырхәит АИХ-қәа русзуҩцәеи астудентцәеи 55-ҩык. Sputnik Аԥсны аҟнытә иалахәын арадио аредактор-аҭыжьҩы Альбина Жьиԥҳаи абильд-редактор Марианна Кәыпрааԥҳаи.

"Ажурналистика аҟәшаҟны ахԥатәи акурқәа рҟынӡа аҵара зҵо зегьы ирабжьазгоит, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа хымԥада рхы аладырхәырц. Уи рылаԥшҳәаа арҭбаауеит, ҩымш ирылагӡаны еилаҳкааз рацәоуп", — ҳәа лгәаанагара лҳәеит Кәыбрааԥҳа.

Амедиашкол имҩаԥысуан жьҭаара 2-3 рзы, Москва аҩны аҿы. Алахәылацәа рзы аҟазаратә-классқәа мҩаԥыргеит Урыстәыла ателехәаԥшреи PR-журналистикеи русхк аҟны аҟазауаа, ажурналистцәа Гузель Камаевеи Мариа Сафроновеи, иара убасгьы аԥсихолог, ақәгыларақәа ркурс автор, амҩаԥгаҩ Ирина Прокопева.
Апроект еиҿкаан Москва аиҳабыреи, Москва ақалақь адәныҟаполитикатәи, жәларбжьаратәи аимадарақәеи Рдепартамент, Москватәи аџьынџьуаа Рыҩны рыцхыраарала.