Аԥсны

Инаԥшьба дазааҭгылеит алагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" шымҩаԥысыз атәы

Sputnik
Апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" иалахәыз ахәыҷқәа ирзаԥҵаз апрограмма, дара рхы шаадырԥшыз уҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҿари аспорти русқәа рзы Ахәынҭеилакы аиҿкааратә ҟәша аспециалист хада Алиса Инаԥшьба.
Алагер иалахәыз еиҳарак аҿар ракәын, иара аԥышәаратә проектын. Уи ахҳәаа ҟаҵо Инаԥшьба илҳәеит, ргәы ишалоу ҳаешьаратә республикақәа рҟынтәи ахәыҷқәа маҷны иахьааз, Адыгатәылантәи ҩыџьа шракәыз иҟаз.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.