Аԥсны

Рустам Латипов Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа анаԥхгаҩыс дҟаҵоуп

Уаанӡа Латипов Аԥсны АШәМ аиҳабы ихаҭыԥуаҩ – аҳәаахьчаратә отриад аиҳабыс дыҟан.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Рустам Латипов Аԥсны Ашәарҭадаратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Рустам Латипов диит 1978 шықәса ԥхынҷкәын 16 рзы, далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет.
2001 шықәса инаркны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә усбарҭақәа рҿы еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҿы аус иуан, 2006 шықәса инаркны анапхгаратә маҵурақәа иман.
2020 шықәса раахыс аус иуан Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс — аҳәаахьчаратә отриад аиҳабыс.