Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ х-миллион мааҭк рҟынӡа аԥара Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит

ЕАЕС аҳазылхратә закәанԥҵара инақәыршәаны, 10 нызқь америкатәи доллар аеквивалент (950 нызқь мааҭ раҟара) иеиҳау аԥара ашәҟәы аҭагалара хымԥадатәиуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ х-миллион мааҭ рҟынӡа аԥара ареспублика алгара иҽазишәеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхратә усбарҭа Шәача ақалақь апресс-маҵзура.
Амашьына "Лексус" аанкылан агәаҭара аужьҭырҭатә ҭып "Адлер". Аныҟәцаҩ иҳәеит аҳазылхратә декларациа зыхәҭоу атауар шимам.
Амашьына анеимырдаауаз аԥхьатәи атәарҭақәеи анапықәҵарҭеи рыбжьара аԥара зҭаз апакетқәа рыԥшааит.
Аԥара имхуп. Азин еилазгоз аҭакԥхықәра идҵара азҵаара аӡбара иаҿуп ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.
ЕАЕС аҳазылхратә закәанԥҵара инақәыршәаны, 10 нызқь америкатәи доллар аеквивалент (950 нызқь мааҭ раҟара) иеиҳау аԥара ашәҟәы аҭагалара хымԥадатәиуп. Ашәҟәҭагалара ариаҟара аԥара амазаараҟынтә ашәахтәқәеи абаџьқәеи ргара аанагом ҳәа азгәанаҭоит Урыстәыла АҲМ.
Аԥсны
Аԥсны аҳәааҟны 30 нызқь инареиҳаны асигарет рымхуп