Аԥсны

Москва Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа еиԥылеит

Уи аԥхьа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ҩ-ганктәи аиԥыларақәа мҩаԥигеит Сергеи Шамбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви рҟны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Москва имҩаԥысит Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа х-ганктәи реиԥылара. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.
Сергеи Лавров инаҵшьны иазгәеиҭеит Москва аринахысгьы Аҟәеи Цхинвали ршәарҭадара ашьақәыргылареи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи, аекономикатә ҿиареи рзы иалшо ала ацхыраара шыҟанаҵо.
"Инаҵшьны иазгәаҭоуп 2008 шықәсазы Урыстәыла анапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Аҳәынҭқарреи рызхаҵаразы ирыдыркылаз аӡбамҭа аиҭахәаԥшра шалымшо", — ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Аганқәа иара убасгьы ирылацәажәеит Владимир Путин Украина аҭагылазаашьа аҭышәнартәалареи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема аиҭакрази иҟаиҵаз аԥшьгарақәа, иара убас Урыстәыла БРИКС ахантәаҩыс аҟазаара азҵаарақәа.
Аԥсны
Москва еиԥылеит Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа