Аԥсны

Аҟәеи Грозныи аишьцәа-қалақьқәа ракәхеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аҟәеи Грозныи аишьцәа-қалақьқәа ракәхеит.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ахада Беслан Ешбеи Чечентәыла аҳҭнықалақь ахада Хас-Магомед Кадырови.
Аҭҵаара-техникатә, арҵаратә, акультура, агуманитартә, асоциалтә уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа русхк аҟны аҩ-қалақьк реизыҟазаашьақәа дырҿиалоит ҳәа аанацҳауеит ААҟәа ахадара апресс-маҵзура.
Аԥснытәи аделегациа Чечентәыла иҟоуп, дара Грозныи 206 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа ирылахәуп.