Аԥсны

"Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа аҳаҭырҭә хьыӡқәа рыхҵоуп гәыԥҩык арҵаҩцәа

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы Ауспҟа, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аусԥҟа инақәыршәаны, арҵаҩратә усураҟны рлагалеи, арҵареи, еизҳауа абиԥара реиҵааӡареи рзы аҳаҭыртә хьӡқәа рыхҵоуп:
Ира Агрԥҳа, Аҟәа ақ. ацхыраагӡатә школ арҵаҩы-алогопед;
Манана Арӡынԥҳа, Гәдоуҭатәи №4 абжьаратә школ аԥсуа бызшеи алитературеи рырҵаҩы;
Руслан Бениа, Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ аматематика арҵаҩы;
Хатуна Квасиа Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аметодист;
Шамирам Кесиан, Амжыхәтәи абжьаратә школ аерман бызшәеи алитературеи рзы аметодист, арҵаҩы;
Саида Логәуаԥҳа, Ҷлоутәи абжьаратә школ аиҳабы ихаҭыԥуаҩ;
Алла Ԥарсалиди, Бзыԥҭатәи №2 абжьаратә ашкол аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы;
Нонна Рабаиа, Гәдоуҭатәи №5 абжьаратә школ аҭоурых арҵаҩы;
Алек Сефериан, Приморсктәи №2 абжьаратә школ аиҳабы;
Белла Ҳагԥҳа, Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы;
Алла Ҷыҭанааԥҳа, Гагратәи №2 абжьаратә школ англыз бызшәа арҵаҩы.