Аԥсны аиҳабыра ишьақәдырӷәӷәеит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аботаникатә институт адендропарк аҳәаақәа.
Аекологиазы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи Аботаникатә институт аиҳабы Едуард Гәбази арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит адендропарк аԥеиԥш, ауааԥсыра гәатәгәаԥхарала имҩаԥырго аргыларақәа ртәы, иара убас апарк аҷыдарақәа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.