Аԥсны

Аҽаҩраныҳәа "Лыхнашҭа" азгәаҭара арыцхә ииагоуп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6- Sputnik. Аҽаҩраныҳәа "Лыхнашҭа" амҩаԥгара абҵарамза 3 рахь ииагоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа.
Аҽаҩраныҳәа "Лыхнашҭа" мҩаԥыргоижьҭеи сынтәа 40 шықәса ҵуеит. Аҽаҩраныҳәа мҩаԥыргоит 1984 шықәса раахыс, акоронавирустә пандемиа аныҟаз ада.
Кәарцхьиа ҽаҩраҭагалан аныҳәазы: ҳмилаҭтә традициа иатәуп
Аныҳәа иалахәхоит Гәдоуҭа ақыҭақәеи Афон ҿыц ақалақьи, Ҟарачы-Черқьестәылатәи аделегациеи.
Аныҳәа иалахәу зегьы иӡырыргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, инаргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа.
Ари амш азы асценахь ицәырҵуеит акәашаратәии авокалтәии аколлективқәа, аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа. Аҽырыҩреи амилаҭтә хәмаррақәеи мҩаԥыргоит.