Аԥсны

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аԥсны Ахада раԥхьатәи иалхрақәа шымҩаԥысызи ҵакыс ирымази ртәы

Sputnik
Жьҭаара 3 1999 шықәсазы жәлары зегьы рабжьаҭарала Аԥсны аҳәынҭқарра ахада раԥхьатәи иалхрақәеи Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы ареферендуми мҩаԥган. 25 шықәса раԥхьа аҭоурыхтә хҭысқәа шымҩаԥысуаз ртәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ Аслан Аҩӡба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.