Аԥсны

"Абхазпродекспорт" ауааԥсыра рҟынтәи афеихоа шрыдыркыло азы адырра ҟанаҵеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Абхазпродекспорт" ауааԥсыра рҟынтәи афеихоа шрыдыркыло азы адырра ҟанаҵеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аахәареи аҭира аиҿкаареи рзы аусқәа рменеџьер Даур Быҭәба.
Мчыбжьык ала 40 тонна рҟынӡа ашәыр рыдыркылахьеит. Быҭәба иажәақәа рыла, мышқәак рышьҭахь ацитрустә шәыр заатәи асортқәа рыдкылара иалагоит.
“Аӡәырҩы уажәшьҭа ҳардыруеит, урҭ ҳара ҳахь иааргоит раалыҵ. Агәыӡера аус аауеит, ҳара акамерақәа қьырала иаҳгеит, ашәырқәа ҳадаҳкылоит. Ауаа аџьармыкьатә хәыԥса аасҭа маҷк еиҳаны рыҭара ҳҽазаҳшәоит, раалыҵ ҳара ҳахь иааргарц азы”, - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭеилахәыра зқь-тоннаҟынӡа афеихоеи иара убри аҟара ацитрустә шәырқәеи ареспублика анҭыҵ рышьҭра азԥхьагәаҭаны иамоуп.
Афеихоа аахәаратә хәыԥса кьылак азы 80 мааҭ инаркны 200 мааҭ рҟынӡа инаӡоит иҳәеит Быҭәба.