АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Агәамгагатә машьынақәа ҩба аанахәеит Аҟәа араион ахадара аҭыԥантәи абиуџьети Ахада Иҭаҵәахтә фонди рҟынтә иазоужьыз аԥарақәа ирыбзоураны.
"Храион азы ицхыраагӡа дууп. Иаахәоу атехника ҷыда иабзоураны 34 куб агәамсам есыҽны иқәаҳгалоит", — иҳәеит акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Денис Ҷанба.
Атехника ҷыда KAMAZ аахәара иақәхарџьын 16,5 миллион мааҭ, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь апресс-маҵзура. Даҽа агәамсамҭаԥсарҭақәа фба 600 нызқьмааҭ ҳәа иаахәан, дара араион ақыҭақәа ирызшан.