Аԥсны

Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин иирамш идиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин иирамш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Путин ҳаамҭазтәи адунеитә ԥхьагылаҩцәа рыбжьара еиҳа анырра ҟазҵо напхгаҩны дшыҟоу, ижәлар адгылара ширҭо.
"Ҳажәлар ахәшьара ду арҭоит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵараҿы шәлагала, иҭабуп ахырҳәаауеит ҳтәыла ашәарҭадареи аҭынчреи рыхьчараҿы иаашәырԥшуа авагыларазы, асоциал-економикатә ҿиаразы иҟашәҵо хаҭалатәи шәлагалазы", — аҳәоит адныҳәалараҟны.
Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа аидгылареи аиҩызареи рҟны иҿырԥшыгоуп иҳәеит Бжьаниа.