Аԥсны

"Аҟәа-марафон" алахәхаразы аҽҭаҩра мҩаԥысуеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. "Аҟәа-марафон" жьҭаара 25-27 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп, уи алахәхаразы аҽҭаҩра мҩаԥысуеит.
Ахәыҷтәы еицлабра мҩаԥысуеит жьҭаара 26 рзы: 6 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа иреиҵыбцәоу рзы — 500 метра, 6-13 шықәса рҟынтә еиҳау рзы — километрак.
Адуцәа рзы аицлабра мҩаԥысуеит жьҭаара 27 рзы х-бжьаӡарак рыла: 42,2 километра, 21,1 километра, 5 километрак.
Амарафон аҳәаақәа ирҭагӡаны амузыкатәи, амилаҭтә чысқәеи амилаҭтә ҩи рфестивальқәеи мҩаԥгахоит.
Аспорттә уснагӡатә еиҿыркааит москватәи акоманда "Беговая история", Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилаки Атриатлон азы афедерациеи рыцхыраарала.