Аԥсны

Алиса Гыцԥҳа Жәларбжьаратәи лмузыкатә алабораториатә-еицлабра актәи атур хыркәшоуп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Алиса Гыцԥҳа Жәларбжьаратәи лмузыкатә алабораториатә-еицлабра актәи атур хыркәшоуп.
Авокалистцәа рҟынтәи 200 зыҳәа нашьҭын, акамертә ансамбльқәа рҟынтәи 23. Аҩбатәи атур ахь инеит авокалистцәа 111-ҩык, аинструменталтә музыкарҳәаҩцәа — 59-ҩык.
Аицлабра иалахәуп 10-тәылак: Аԥсны, Урыстәыла, Белоруссиа, Британиа Ду, Германиа, Китаи, Сербиа, Монголиа, Ермантәыла, Молдавиа.
Аҩбатәи атур аартхоит аконцерт ду ала Москватәи аҳәынҭқарратә аконсерваториа азал маҷ аҿы жьҭаара 16 рзы. Уи рхы аладырхәуеит иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аицлабра алауреатцәеи Алабораториатә-еицлабра аексперттә хеилак алахәылацәеи.