Аԥсны

Аҳәынҭқарратә усзуҩы иқәымчыз ахаҵа иганахьала ашьаус хацыркуп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Ҳаџьараҭ Воуба аҳәынҭқарратә усзуҩы иганахь ала ақәымчра ахьааирԥшыз инамаданы ашьаус аартуп. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, жьҭаара 4 асааҭ 08:50 рзы арыжәтә ыжәны иҟаз Воуба, Аҟәа Имам Шамили Арӡынбеи рымҩақәа реихдаҿы зусуратә уалԥшьақәа назыгӡоз амилициа аусзуҩ Ажьиба Г.З. диԥҟеит.
Ажьиба Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаргеит, ихиҿы абаҩԥҵәарақәеи ахәахәарақәеи инны.
Убри аҽныҵәҟьа Воуба даанкылан. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа жьҭаарамза быжьба рзы иаднакылаз аӡбарала абахҭа дҭаркит.