АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аԥсны ҩажәихәба тонна раԥхьатәи амандарина Урыстәылаҟа идәықәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа.
Ацитрустә шәырқәа рыдагьы, ареспублика афнытә х-тоннак инареиҳаны афеихо дәықәырҵахьеит. Иааизакны иахьазы 28 тонна инареиҳаны ақыҭанхамҩатә аалыҵ дәықәҵоуп.
2023 шықәсазы жьҭаара инаркны хәажәкыра анҵәамҭанӡа, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа 25 нызқь тонна рҟынӡа амандарина шьҭын.