Жьҭаарамза 9-10 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит III Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera viva" мҩаԥгахоит. Афестиваль шеиҿкаау, аклассикатә музыка Аԥсны азҿлымҳара ахьынӡамоу, аиԥш зеиԥшу афестивальқәа ҳтәыла акультура шӡырнаго ртәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба.
Италиатәи амузыкатә рҿиамҭақәа рыла еиқәыршәоуп афестиваль сынтәатәи апрограмма. Еицырдыруа амузыкатә рҿиамҭақәа нарыгӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла, иара убас Аԥсни, Урыстәылеи, Китаии роператә шәаҳәаҩцәа. Афестиваль актәи аконцерт мҩаԥгахоит Аҟәатәи аҳәынҭфиалрмониаҿы, ахыркәшаратә — Пицундатәи аныхабаа аконцерттә зал аҟны.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.