Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Угледартәии Покровсктәии реиланхарҭақәак рхы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Урыстәылатәи арратә мчрақәа Угледартәи ахырхарҭаҿы Золотаиа Нива, Покровсктәи ахырхарҭаҿы Зорианое Первое аиланхарҭақәа рхы иақәиҭыртәит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Иацы Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Украина Арбџьармчқәа рҳаиртә баӷәаза аинфраструктура агипербжьы змоу аеробаллистикатә ракетақәа "Кинжал" рыла иаехсит. Ажәылара ахықәкқәа нагӡоуп. Иарбоу аобиектқәа зегьы ааха рыҭоуп.
Урыстәылатәи Арбџьармчқәа роператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ржәылара-ҳаиртә хархәагақәа, рракетатә мчқәа, рартиллериа рыла ааха рыҭан: аџьаԥҳаны зҭаз аконтеинертә ӷба, ашьҭаҵарҭа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рҭыжьразы ацех, иара убас 142 раион рҿы ауааи арратә техникеи.
Аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа Америка иҭыжьу HIMARS ареактив хгәыцәқәа хԥеи аԥырҩы дызҭам ажәылара-ҳаиртә хархәагақәа 49-еи карыжьит.
Иааидкыланы, иҷыдоу арратә операциа ианалага инаркны ааха рыҭоуп: 646 ҳаирплан, 283 вертолиот, 33,062 аԥырҩы дызмам аҳаиртә хархәагақәа, 580 зенит-ракетатә система, 18,555 танки егьырҭ акәылӡмашьынақәеи, 15793 артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи, 27052 иҷыдоу автомабилтә техника.