Аԥсны

Аԥсны атуризм аминистрра алахәуп атуроператорцәа Жәларбжьаратәи II рконгресс

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистрра алахәуп атуроператорцәа Жәларбжьаратәи II рконгресс "Атуризм аџьармыкьа аҿиара аеволиуциатә шьаҿақәа: амодельқәа реиуеиԥшымреи адунеизегьтәи аԥышәеи" захьӡу.
Иара мҩаԥысуеит Минск ақалақь аҿы жьҭаара 9 инаркны 11 рҟынӡа.
Иара убас аусмҩаԥгатә иалахәуп еиуеиԥшым 60 тәыла рҟынтәи аԥхьагылара змоу жәларбжьаратәи атуроператорцәа.
Аконгресс аԥышәа аимдаразы иаԥҵоу платформоуп. Уи еиднакылоит Урыстәыла атуризмтә индустриа ахаҭарнакцәеи ИАР атәылақәа рҟынтәи аҳәаанырцәтәи аиҩызцәеи.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ирылацәажәоит аҳәынҭқарратә напхгараҭара, авизатә политика, атуроператорцәа рҭакԥхықәратә фонд, атуристцәа рыхьчаразы афинанстә цхыраара, абанктә шәатәқәеи наҟ-ааҟтәи аҳасабкрақәеи рҿы ҳаамҭазтәи азнеишьақәа рызҵаарақәа.