Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Уахыкала Урыстәыла аҵакыраҿ украинатәи адронқәа 40 инареиҳаны икарыжьит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыкала Урыстәыла аҵакыраҿ украинатәи адронқәа 47 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Иҳаҩсыз аҵх азы Киевтәи арежим Урыстәыла аҵакыраҿы иҟоу ахыбрақәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла атеррористтә қәылара амҩаԥгара аҽазышәарақәа аԥырҟәҟәауп", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Бриансктәи аобласт аҿы иҭархоуп аԥырҩы дызҭам ахарҳәагақәа 24. Белгородтәи аобласт аҿы – 5, Курски Ростови робластқәа рҿы -2- 2, Краснодартәи атәылаҿацә аҿы -1, Азовтәи амшын аӡымҽхакыраҿы -1.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Угледартәии Покровсктәии реиланхарҭақәак рхы иақәиҭыртәит