Аԥсны

142 миллион мааҭ реиҳа Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ахәшәтәырҭақәа рҿы рыхәшәтәра иазоужьын

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. 142 миллион мааҭ инеиҳаны 395-ҩык Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа рҿы рыхәшәтәра иазоужьын 2024 шықәса жәымз ирылагӡаны. Абри азы адырра ҟаиҵеит афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр Александр Анқәаб даниԥылоз.
Ари аамҭа иалагӡаны амедусҳәарҭақәа рзы амедицинатә хархәагақәа, аинструментқәа, амедикаментқәа раахәара иазоужьын 138 миллион мааҭ.
Делба адырра ҟаиҵеит урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа рҿаԥхьеи ирырҭаз амедикаментқәа рзи ауал аанханы ишыҟоу.
Аԥыза-министр хара имгакәа ауалқәа зегьы шәазарц анапынҵа ҟаиҵеит.