Аԥсны

Очамчыра амҩақәа ҩба рҟны афымцацәаҳәақәа рышьақәыргыларазы аусурақәа хыркәшахоит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Очамчыра амҩақәа ҩба рҟны ҩ-нызқь метра афымцацәаҳәақәа рышьақәыргыларазы аусурақәа ахыркәшарахь инагоуп.
Аусурақәа мҩаԥысуеит Мықәтәии Воубеи рымҩақәа рҟны.
"Амшынеиқәафымцамч" Очамчыратәи аҟәша аиҳабы Роберт Шьынқәба иажәақәа рыла, амшқәа ирнаҭар аусурақәа хымш-ԥшьымш рыла ихыркәшахоит.
"Ақалақь агәҭаны ауп аиҳарак ҳахьаҿу. Ацәаҳәақәа ажәхьеит, дара 30 шықәса раахыс иԥсахӡам. Афымцаԥхьаӡагақәагьы ҭыԥқәак рҟны иқәыргылоуп", — иҳәеит иара.